Иакоб Цуртавели, Ацқьа Шьушьаник лааӡаб. Еиҭаргеит: Г. Амҷба, А. Гогәуа. Аҟәа: Ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара», 1981. — 39 д. Еицдыру ажәытәӡатәи аҩымҭа «Аҳкәажә Шьушьаник ацқьа лааӡаб» иахыҵуеит зқьы хәышә шықәса. Ари аҩымҭа иҩын ақырҭбызшәала. Ацқьацәа рыбзазашьа атәы аазырԥшуа, агиографиатә ҳәа изышьҭоу алитературатә хкы иеиуоу ари амилаҭтә баҟа уаанӡагьы акыр бызшәақәа рыла иҭрыжьхьан. Аԥсышәала «Аҳкәажә Шьушьаник ацқьа лааӡаб» еиҭаган раԥхьаӡа акәны 1981 шықәсазы. Аредактор: Н. Ҭар-ԥҳа. Асахьаҭыхҩы: Л. Шьенгелиа. Асахьаҭыхратә редактор: П. Цқәиҭариа. Атехникатә редактор: С. Гордезиани. Акорректорцәа: С. Қьецба, Л. Гадлиа. Аҭыжьҩы: Т. Ашьхараа. Атираж — 1000 ц.